Афольклортә материалқәа зну 150 кассета Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус зуа Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр иаиҭеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа, ааанацҳауеит Аҧсны аҭҵаарадырра Академиа апресс-маҵзура.
Иара ацентргьы напхгара аиҭоит академик.
Акассетақәа ирнуп 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭа, 1980-тәи ашықәсқәа инадыркны иара даныстудентыз инаркны хаҭала ианиҵоз афольклортә материалқәа.
Еиуеиҧшым аҧсуа қыҭақәа рҿы, араионқәа рҿы инхоз абыргцәа Грышьа Аиба, Платон Дбар, Ҳалиҭ Ҟалҕьы, Мышьа Аргәын, Лиуба Џьапуаҧҳа уҳәа, аҧсуа традициатә доуҳатә культура ашьаҭа аӡеиҧш издыруаз ажәабжьҳәаҩцәа хатәрақәа рҳәамҭақәа. Иуҳәар ауеит Зураб Џьапуа зынҵара дахьӡаз аҿаҧыцтә рҿиамҭақәа аҧсуа фольклор аҭҵаараҿы хәы змам материалқәоуп, урҭ рыда ари аусхк еиҳа иҕархон ҳәа.Арҭ аудионҵамҭақәа рхатәы, иҷыдоу аҭоурых рымоуп. Аҧсны Аџьыньтәылатә еибашьра ианалага, арҭ акассетақәеи, Зураб Џьапуа егьырҭ иусумҭақәеи ралгара залмыршахеит. Аха урҭ ҵакыс ирымаз изныкымкәа иаиҳәахьан ианшьа Руслан Қәҭалиа. Иара акыр аамҭа Аҟәа далаханы дыҟан, игәалашәон арҭ аматериалқәа ҳҭоурых азы ирыҵаркуаз. Идәылганы, уаҩ дахьзымнеиуаз адгьыл иҵаҵаны иҵәахит. Иџьоушьаратәы, дара еиқәхеит уамак ҧырхага рмоукәа.
Уажә ааигәа аа-шәҟыкны иҭыҵыз (жәа-томкны ишьақәгылоу) аҭҵаарадырратә академиатә ҭыжьымҭа «Нарҭаа. Аҧсуа фырхаҵаратә епос» атекстқәа рыхәҭак акассетақәа ирну аудионҵамҭақәа рҟынтәи иаагоуп.
Арҭ аҧхьатәи аматериалқәа иахьанархыс Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҿы иҟазаауеит. Урҭ аус рыдулара, рыҭҵаара ацентр анапы иануп.
Иазгәаҭатәуп, акассетақәа ирну аматериалқәа зегьы ацифрахь ишиаго. Аҵаруаҩ Виачеслав Чрыгбеи Зураб Џьапуеи ирҩыз Кавказҭҵаареи аҧсуаҭҵаареи ирызку апрограмма хаз тематиканы иалоуп аҧсуа фольклор аматериалқәа аус рыдулара. Убри апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аудионҵамҭақәа ақьаад ахь ииагахоит.
Академик иажәақәа рыла, арҭ 150 кассета ҩажәа шәҟәы ирызхаша аматериалқәа ргәылоуп.
Аҧсуаа рдоуҳатә, рытрадициатә ркультура, ражәатә, рашәатә, рмузыкатә фольклор аҭҵаара ҳдоуҳазы, ҳҭоурыхтә гәалашәаразы акрызҵазкуа усны дахәаҧшуеит Зураб Џьота-иҧа.